Сергеи Риабков - ЕАШ-и Нато-и рҟны ишиашоу аиҿагылара Урыстәыла аинтересқәа ирылам, зхылаԥшра ҟамло аескалациа агәарҭа шыҟоу Вашингтон абоит ҳәа ҳгәыӷуеит
Сергеи Риабков - ЕАШ-и Нато-и рҟны ишиашоу аиҿагылара Урыстәыла аинтересқәа ирылам, зхылаԥшра ҟамло аескалациа агәарҭа шыҟоу Вашингтон абоит ҳәа ҳгәыӷуеит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков ЕАШ агәҽанҵара риҭоит Украина аимак аҽалагалара ала ЕАШ-и Европеи Урыстәыла аҟынтә аҭак шроуа.

Риабков иҟаиҵаз аҳәамҭала, мраҭашәаратәи атәылақәа Киев ацхыраара ахьазаадырԥшуа, украинатәи аруаа Алианс иаоу атәылақәа рҿы азыҟаҵарақәа ахьахысуа, Украина аԥшыхәратә дыррақәа ахьарҭо уҳәа уб. иҵ. амзызқәа ирызԥхьагәааҭны, мраҭашәаратәи атәылақәа рзы  аимак алагара ашәарҭа иаҳа иӷәӷәахоит.

„ЕАШ-и Нато-и рҟны ишиашоу аиҿагылара Урыстәыла аинтересқәа ирылам, зхылаԥшра ҟамло аескалациа агәарҭа шыҟоу Вашингтон абоит ҳәа ҳгәыӷуеит“, – иҳәеит Сергеи Риабков.