Сергеи Лавров – Урыстәыла Украинаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп, аха, алабҿабареи Урыстәыла ашәарҭадара аинтересқәеи азҧхьагәаҭаны
Сергеи Лавров – Урыстәыла Украинаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп, аха, алабҿабареи Урыстәыла ашәарҭадара аинтересқәеи азҧхьагәаҭаны

«Урыстәыла Украинаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп, аха, алабҿабареи Урыстәыла ашәарҭадара аинтересқәеи иазҧхьагәаҭаны», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров агентра  ТАСС аинтервиу аҿы.

«Ҳара ҳпозициа аҽамҧсахит: ҳара аиҿцәажәара ҳазыхиоуп, аха уажәазы аҭыҧаҿ иҟоу алабҿабареи ҳтәыла ашәарҭадара аинтересқәеи иазҧхьагәаҭаны. Урыстәыла аҳәааҿы аҕатә нацисттә режим иҟамзароуп», — иҳәеит  Лавров.

Уаанӡа Сергеи Лавров ишиҳәаз ала, Киев Москваҟны аиҿцәажәара шаҟа ихдырҧо аҟара, аиҿцәажәарақәагьы уадаҩхоит. Иара иажәақәа рыла,  абри аҩыза аимадаразы раҧхьатәи шьаҿазароуп Москваҟны адиалог ақәиҭымтәра иазкны Владимир Зеленски иҟаиҵаз адҵа аҧыхра.