Сергеи Лавров - Украина иҟоу аҭагылазаашьа Нато арҭбаара иалҵшәоуп
Сергеи Лавров - Украина иҟоу аҭагылазаашьа Нато арҭбаара иалҵшәоуп

Украина иҟоу аҭагылазаашьа Нато арҭбаара иалҵшәоуп, – иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

“Европа аконтинент аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа Украинеи, Лугансктәии Донецктәии жәлар рреспубликақәа рконтекст аҿы ҳахцәажәеит. Иахьа уа иҟоу аҭагылазаашьа иацы цәгьахеит ҳәа ҳазҳәом. Украина иҟоу аҭагылазаашьа Нато арҭбаара акурс иалҵшәоуп”, – иҳәеит Лавров.

Иажәақәа рыла, ари Урыстәыла аанкылареи Украинаҿ аплатформа аԥҵареи рзы иҟаҵаен.