Асасааирҭа "Ҟварелтәи аӡиа" аԥхьа имҩаԥысуаз акциа 16-ҩык алахәылацәа административтә аҧҟарала иаанкылоуп
Асасааирҭа "Ҟварелтәи аӡиа" аԥхьа имҩаԥысуаз акциа 16-ҩык алахәылацәа административтә аҧҟарала иаанкылоуп

Кахеҭи, асасааирҭа “Ҟварелтәи аӡиа” аԥхьа имҩаԥысуаз акциа 16-ҩык алахәылацәа административтә аҧҟарала аанкылоуп, – аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  аҟынтә.

Асасааирҭа аԥхьа аҭагылазаашьа цәгьахеит асасааирҭантә амикроавтуобус андәылҵ ашьҭахь. Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, амикроавтобус иҭатәан Урыстәылантә иааз ауааԥсыра. Акциа алахәылацәа амикроавтобус акәтаӷьқәа агәыдырҵеит, ари ахылҵит азакәанхьчаҩцәеи адемонстрантцәеи реиҿагылара.

Асасааирҭа “Ҟварелтәи аӡиа” аԥхьа акциа “Амилаҭтә ҵысра” аиҿкаарала мҩаԥысуан.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҭаацәара алахәылацәа асасааирҭа “Ҟварелтәи аӡиа” иаҭааит. Асасааирҭа администрациа ари адырра шьақәдырӷәӷом.