Дмитри Кулеба - Анталиа имҩаԥысыз хганкалатәи аиԥылараҿ ашәарҭадара агарантиа ҿыцқәа рызҵара иқәгыламызт
Дмитри Кулеба - Анталиа имҩаԥысыз хганкалатәи аиԥылараҿ ашәарҭадара агарантиа ҿыцқәа рызҵара иқәгыламызт

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба ишааицҳаз, Анталиа имҩаԥысыз хганкалатәи аиԥылараҿ ашәарҭадара агарантиа ҿыцқәа рызҵара иқәгыламызт.

Кулеба иажәақәа рыла, Украинаҿ аибашьра аанкылареи урыстәылатәи авиаахақәа рыҿагылара Нато аколлективтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара азыхиам.

«Аибашьра цоит, Украина ашәарҭадаратә вакуум аҿы иҟоуп.  Ари азҵаара аӡбареи ҳшәарҭадара арӷәӷәареи ҳрызхәыцроуп. Иахьазы ҳшәарҭадара рыхьчоит украинатәи ари ажәлари, урҭ рыԥсадгьыл рхы ақәырҵоит, ҳпартниорцәа, Ҭырқәтәыла урҭ рыбжьара, ҳадгылоит, ацхыраара ҳзаадырԥшуеит. Аха ари иӷәӷәаны, асистема ианқәыршәаны ҟаҵатәуп,” – иҳәеит Кулеба.

Урыстәылеи Украинеи рыбжьара актәи адипломатиатә аиҿцәажәара Анталиа, адиплолматиатә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҭырқәтәылатәи аган аԥшьгарала мҩаԥган. Уи ихы алаирхәит ырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлед Чавушоӷлу.