Save The Children аинформациала, ҩмиллионҩык украинатәи ахҵәацәа иреиуоуп 800 000-ҩык ахәыҷқәа
Save The Children аинформациала, ҩмиллионҩык украинатәи ахҵәацәа иреиуоуп 800 000-ҩык ахәыҷқәа

Аиҿкаара  Save The Children Save The Children аинформациала, ҩмиллионҩык украинатәи ахҵәацәа иреиуоуп 800 000-ҩык ахәыҷқәа. Ахәыҷқәа рыхьчаразы агентра адыррақәа рыла, зықәра наӡам ахаҿқәа Украина аҳәаанӡа рымацара, аиҳабацәа рыда, инеиуеит.

“Аҭаацәа рхатә хшара ахьчаразы ирылшо зегь ҟарҵоит. Рыхшара рымацара, аиҳабацәа рыды ишәарҭам аҭыԥқәа рахь, Украина нхыҵ, рҩызцәеи рыуацәеи рахь ирышьҭуеит, рхала рыҩнқәа рыхьчаразы иаанхоит,” – аалыцҳаит аиҿкаара ахаҭарнак Ирина Сагоиан.