Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили жәҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхылхит.
Атәыла ахада лпресс-маҵзура адыррақәа рыла, хәҩык абаандаҩцәа апенитенциартә усбарҭаҿы ахақәиҭра аҧкра асахьала ирықәыз азыӡба ахгара аҟынтә рхы иақәиҭуп.
Ҧшьҩык абаандаҩцәа апенитенциартә усбарҭаҿы ирхыргараны иҟоу азыӡба аҿҳәара рыздырмаҷит, урҭ ҧҳәыскгьы дрылоуп.