Зегьы шәҭаҳкуеит ҳәа иаартны ирҳәар еиҕьын, уи Аконституциа апринцип аилагароуп — аманифестациақәеи аизарақәеи рзы азин аилагароуп, — илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа иадҳәаланы.
Лара лгәаанагарала, ари аҳәамҭала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа ирықәмақаруеит.
«Ҳара даҽазнык лабҿаба иаабеит ҳтәыла анапхгара аурыс стильла рхы шымҩаҧырго», — илҩит Зурабишвили.
Иахьа Қырҭтәыла Аҩныҵатәи аусқәа рминистрра аоппозициаа зымҩаҧгара ргәы иҭоу акциа иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, азакәан инақәыршәаны, астратегиатә обиектқәа аблокада рзура ҟалом, Қырҭтәыла ашьауҕаьә закәанеидкыла 222-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, абри аҩыза ахымҩаҧгашьазы ахьырхәра иазҧхьагәаҭоуп.
«Астратегиатә обиектқәа аблокада рзура ҟалом, Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла 222-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, абри аҩыза ахымҩаҧгашьазы ахьырхәра иазҧхьагәаҭоуп. Ари ацәгьауразы ҩышықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп, гәыҧҩык рыла ари ацәгьауразы агәыҧ алахәылацәа зегьы ҧшьышықәсанӡа абаандаҩтәра рықәшәоит. Иара убас, ауааҧсыра иргәалаҳаршәар ҳҭахуп 2024 шықәса жьҭаара 23 рзы Қырҭтәла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны, астратегиатә обиектқәас иҧхьаӡоуп Қырҭтәыла апарламенти Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациеи ахыбрақәагьы», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.