Саломе Зурабишвили – Сара сшыҟаз еиҧш – атәыла ахадас саанхоит, схатә символикеи, схатә азкызаареи, схатә хьыҧшымреи рыла
«Џьоукы сдыршәар рылшоит ҳәа ргәы иаанагоит, уажәгьы сырзымдыруазар ҟалап. Мамзаргьы, ак сыдарцалар рҭахуп. Егьи аганахьала, исыдгыло зегьы сраҭабууп: «Атәыла ахада дҳахьчоит» ҳәа рҳәоит. Аха, сара сыхьчара аҭахым», – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили авидеоааҧхьараҿы.
Зурабишвили лажәақәа рыла, зегьы еилкаауп. Лара ишылҳәаз ала, атәылаҿы аилаҩынтәра ҟалар аӡәгьы иҭахым.
«Сара акгьы сацәшәом. Ҧхынҷкәын 29 ашьҭахь сахьыҟало, сшыҟало ҳбап. Сара сшыҟаз еиҧш – атәыла ахадас саанхоит, схатә символикеи, схатә азкызаареи, схатә хьыҧшымреи рыла. Абри ахада шәара дышәтәызаауеит, шәымаҵ луеит, ҳтәылеи ҳаҧсадгьыли рымаҵ луеит. Убри аҟынтә, зегьы еилкаауп. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ари атәылаҿы аӡәгьы аилаҩынтәра шиҭахым. Анапхгаратә гәыҧ сценариақәак рымоуп. Дара еснагь аҳәара иаҿуп аилаҩынтәреи атәылауаҩратә аиҿагылареи шыҟало, ирылшо ала абри асценари нагӡахар рҭахуп».
Зурабишвили лҳәамҭала, атәыла аҿыц алхрақәа ретап ҭынч иахысуеит.
«Зны-зынла дара аполитикатә партиақәа ареволиуциа рҭахушәа ирхарарҵоит, апартиақәа иқәхтәуп ҳәа рҳәеит. Саргьы арадикализм схарарҵоит, уи иахьырбаз сыздырӡом. Ҳара ҳтәыла адемократиатә, европатәи америкатәи аҳәынҭқаррақәа рыгәҭа игылазар ҳҭахуп, уи азыҳәан аилаҩынтәра аиҿкаара иаҭахым. Атәыла аҿиара амазар ҳҭахуп, уи азыҳәан аҭынчра иҟазароуп. Абас ирацәаны аҭынчра иалацәажәо ауаа адәныҟатәи ашәарҭарала ҳдыршәар рҭахын, уажәы аҩныҵҟатәи аиҿагыларала ҳдыршәоит, аха, акгьы рзыҟаҵом. Ари атәыла ахатә амҩа ианыланы ацара нанагӡоит, аҿыц алхрақәа ретап ҭынч иахысуеит», – илҳәеит Зурабишвили.