Саломе Зурабишвили -  Сара Алеқсандр Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны ивизит сақәыӡбоит, уи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа апринципқәеи жәларбжьаратәи зини реилагароуп
Саломе Зурабишвили -  Сара Алеқсандр Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны ивизит сақәыӡбоит, уи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа апринципқәеи жәларбжьаратәи зини реилагароуп

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны ивизит дақәыӡбит. Саломе Зурабишвили ари атәы лҩит асоциалтә аҳаҿы.

«Сара Алеқсандр Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны ивизит сақәыӡбоит, уи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа апринципқәеи жәларбжьаратәи зини реилагароуп», — илҩит Саломе Зурабишвили.

Ишдыру ала, иахьа Беларус ахада   Алеқсандр Лукашенко  импыҵахалоу Аҧсны днеины, импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада  Аслан  Бжьаниа диҧылеит.

Апротест адыргала,  Қырҭтәыла иҟоу Беларус ацҳаражәҳәаҩ  Анатолий Лис Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьеит. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Алеқсандр Лукашенко Аҧсны ивизит иадҳәаланы беларустәи аган рҟынтә иацҵаны аилыркаарақәа иаҳәеит.