Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Европарламент аҿы ԥхынҷкәын 18 рзы дықәгылоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Европарламент аҿы ԥхынҷкәын 18, қарҭтәи аамҭала асааҭ 11:30 рзы дықәгылоит, – иануп Европарламент аланарҵәаз апрессрелиз аҿы.
Апрессрелиз аҿы ишану ала, Саломе Зурабишвили аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы “Ақырҭуа гәахәтәы” акритика ӷәӷәа рзылуоит.
“2024 шықәса жьҭааразы имҩаԥгаз аимактә алхрақәа рышьҭахь, Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла Евроеидгыла ашҟа алалара апроцесс анааныркыла ашьҭахь, атәылаҿ зымҽхак ҭбаау аҿагыларатә акциақәа иалагеит. 2018 шықәса инаркны Қырҭтәыла ахадас иалхыз Зурабишвили лажәақәа рыла, аҭыԥ аман анапхгаратә партиа аиаара ахьагаз алхрақәа рылҵшәақәа реилахәара. 2024 шықәса абҵара 28 рзы Европарламент аднакылаз арезолиуциаҿ европарламент алахәылацәа Қырҭтәыла имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәа иазхарымҵан, шықәсык иалагӡаны урҭ реиҭамҩԥгара идҵаны иқәдыргылеит.
Саломе Зурабишвили лпрезиденттә ҿҳәара ԥҳынҷкәын 29 рзы нҵәоит, Қырҭтәыла апарламент аҿы ахада ҿыцс Михеил Ҟавелашвили далырхит. Франциа ииз Қырҭтәыла ԥасатәи адәныҟатәи аусқәа рминистр, ԥасатәи ацҳаражәҳәаҩ, Қырҭтәыла уажәтәи ахада Саломе Зурабишвили аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы “Ақырҭуа гәахәтәы” акритика ӷәӷәа азылуоит”, – иануп апрессрелиз аҿы.