Саломе Зурабишвили  „Ашәахтә закәанеидкыла“ иалагалоу аҧсахрақәа вето рықәылҵеит
Саломе Зурабишвили  „Ашәахтә закәанеидкыла“ иалагалоу аҧсахрақәа вето рықәылҵеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  „Ашәахтә закәанеидкыла“ иалагалоу аҧсахрақәа вето рықәылҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада ладминистрациа.

„Қырҭтәыла ахада Оҧшортәи азакәан вето ақәҵаны, „Ашәахтә закәанеидкыла“ иалагалоу аҧсахрақәа  иҵаҵгәырку азгәаҭарақәа рыла апарламент ашҟа илырхынҳәит“, – иануп атәыла ахада ладминистрациа аҳәамҭаҿы.

Қырҭтәыла апарламент  „Ашәахтә закәанеидкыла“ ашҟа аҧсахарақәа  ахҧатәи аҧхьарала аднакылеит мшаҧы 19 рзы.

Азакәанпроект инақәыршәаны, афизикатә хаҿы  2021 шықәса ажьырныҳәа  1-нӡа изеизгаз ашәахтә ауали уи иахыҧхьаӡалоу аҧареи иқәырхуеит. Иара убас, азинҷыдала ашәахтәшәара ала атәылаҿы ашәҟәы иҭагалоу атәым наплакы иатәу активқәа     2028 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа Қырҭтәыла анаплакы аҭараан,  абри аоперациа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  атәым наплаки афизикатә партниори ироуа ахашәалазы ашәахтә ашәара рықәшәом.

Азакәанпроект инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аоперациа аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәылаҟа атауар аагара  /актив аимпорт/ апроцедура аимпорттә аҳазаабаџь аҟынтә ахы иақәиҭзаауеит,  зыӡбахәы ҳәоу аоперациа аҳәаақәа ирҭагӡаны  актив зауз ақырҭуа наплакы   2030 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа амал азы ашәахтә ашәара аҟынтә ахы иақәиҭзауеит.