Саломе Зурабишвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада диацәажәеит евроатлантикатә структурақәа рахь Қырҭтәыла аинтеграциа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы
Саломе Зурабишвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада диацәажәеит евроатлантикатә структурақәа рахь Қырҭтәыла аинтеграциа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг  дидылкылеит Орбелианиаа рханаҿ, лара   амаӡаныҟәгаҩ хада диацәажәеит евроатлантикатә структурақәа ахь Қырҭтәыла аинтеграциа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи, аурыс агрессиеи, жәларбжьаратәи апартниорцәеи ауаажәларреи рыла Украина адгылара аҵаки ахымҧадареи иазааҭгылеит.  Иара убас, Украина имҩаҧысуа аибашьреи Урыстәыла агрессиатә хымҩаҧгашьеи амшала арегионаҿ ашәарҭара азҳара иазҧхьагәаҭаны, иаҵшьны иазгәарҭеит Амшын еиқәа ашәарҭадара аҵакы.

Аиҧылараҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада даҽазнык иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи дшадгыло.

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы  Урыстәыла ахада иалхрақәа рымҩаҧгарагьы иалацәажәан, ишазгәарҭаз ала, ари афакт  даҽазнык Қырҭтәыла  ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи жәларбжьаратәи зин анормақәеи еиланагоит.

Атәыла ахада импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи, Пицундатәи аҧсшьарҭаҭыҧи, Очамчыра арра-амшынтә флоти, Аҟәатәи аҳаирбаҕәазеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа дырзааҭгылеит.