Саломе Зурабишвили  кампании «Ҳабжьы Европа иаҳҭоит» аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи ауснагӡатә мҩаҧылгеит
Саломе Зурабишвили  кампании «Ҳабжьы Европа иаҳҭоит» аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи ауснагӡатә мҩаҧылгеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  акампаниа кампании «Ҳабжьы Европа иаҳҭоит» аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи ауснагӡатә мҩаҧылгеит.

Ауснагӡатә аҿы иҟан Қырҭтәыла аус зуа ацҳаражәҳәаҩцәеи, аоппозициа ахаҭарнакцәеи, ҧасатәи аиҳабыра алахәылацәеи.

«Абҵара  8 рзы иалагаз акампаниа иахьа ихыркәшахоит, ари акампаниа ҧхынҷкәын 15 аҟынӡа ҳназгаша ахеидкылара иазкын. Европа даҽазнык Қырҭтәыла абжьы раҳар акәын. Уи Қырҭтәыла ахада ма гәыҧк рыбжьы акәӡам, убри аҟынтә, сара схала салагеит, анеҩс, ҳазынтәгьы еицынаҳагӡеит. Ҳара зҵакы дууз аетапқәа рацәа ҳархысит. Ари амҩа иалагеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Зураб Жваниа еицырдыруа иқәгыларала. Европатәи ҳамҩа Зураб Жваниа ихьӡ иадҳәалоуп.

Ҧхынҷкәын 15 рзы аныҳәатә гәалаҟазаара ҳамазаауеит ҳәа сгәыҕуеит.  Ҧхынҷкәын 15 рзы акгьы хыркәшахом, ҧхынҷкәын 15 ашьҭахь иаҳа зҵакы дуу аетап иалагоит. Иҟаҳҵаша аусқәа рацәоуп. Аха, ҳаиҿадыргылар, акгьы ҳзыҟаҵом. Сара адеполиаризациа мацара алацәажәара сҭахым, избанзар, ҳхатә принципқәа ҳамоуп,

лымкаала  —  акзаара зегьы реиҳа иҕәҕәоу мчыс ишыҟоу аадыруеит. Ҳара зегьы рыла ҳтәатәы еиқәшәо ҳзыҟалом, алхратә ашықәс ҳҭагылоит, агәра ганы сыҟоуп уи шыуадаҩхо, адискуссиақәа шырацәахо, аха, ари амҩаҿгьы акзаара иҟазароуп.

Иахьа абрахь иааиз ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, дара анапхгараҿы иҟоу, аоппозициаҿы иҟоу зегьы дара роуп, абарҭ амшқәа рзы иҳаур иаҳҭаху алҵшәа аиураҿы алагала ҟазҵаз ауаа зегьы сраҭабууп», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.

Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ илҭеит зыӡбахәы ҳәоу акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны Евроеидгылашҟа атәыла алалара адгыларазы еизгаз атәылауаа рнапынҵақәа.