Саломе Зурабишвили Сагареџьо иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟалҵеит
Саломе Зурабишвили Сагареџьо иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟалҵеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Сагареџьо иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟалҵеит.

“Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аполициа аусуҩиҭахара инамаданы адашшылара азаасырԥшуеит. Иҭахаз руацәеи рҭаацәарақәеи срыдашшылоит, ахәрақәа зауз агәабзиара ирзеиӷьасшьоит”, – иазгәалҭеит Қырҭтәыла ахада.

Сагареџьо, аҩнеихагыла дук аҟынтә ахаҵа автоматтә хымцабџьарла ахысра далагеит.

Иҭахеит хәҩык, ахәрақәа роуит хәҩык. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь агәыԥ ҷыда хаҭарнакцәа инеиаанӡа, ацәгьоуҩы иҽишьит.