Саломе Зурабишвили – Ҳара лаҵара 26 ҳадаҳкылоит, уи азы аҽазыҟаҵара ҳалагахьеит
Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили имҩаҧылгаз абрифинг аҿы лаҵара 26 далацәажәеит. Лара ишылҳәаз ала, лаҵара 26 рзы аҽазыҟаҵара иалагахьеит.
Зурабишвили лҳәамҭала, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы имҩаҧысуа арепрессиақәа рылагьы иубарҭоуп арежим аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара шрылымшо.
«Анормалтә тәылаҿы аимдарақәеи ауаа раанкылареи ҟалом, аха, ҳара уажәшьҭа анормалтә тәылақәа реиқәыҧхьаӡа ҳалам. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы имҩаҧысуа арепрессиақәа рылагьы иубарҭоуп арежим аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара шрылымшо. Есымша иаҳа-иаҳа иубарҭоуп арежим апротест ахәаҽреи ажәлар рыршәареи шрылымшо. Арежим ахатә ҵыхәҧҵәара иазааигәахеит», — илҳәеит ҧасатәи ахада.