Саломе Зурабишвили – Ҳара аибашьрақәеи ампыҵахалареи ҳхаагеит, усҟан ҳпартниорцәа Урыстәыла агәра угар ҟалоит ҳәа ргәы иаанагон, аха, Украина имҩаҧысуа аибашьра ари агәаанагара аҧсахит
Саломе Зурабишвили – Ҳара аибашьрақәеи ампыҵахалареи ҳхаагеит, усҟан ҳпартниорцәа Урыстәыла агәра угар ҟалоит ҳәа ргәы иаанагон, аха, Украина имҩаҧысуа аибашьра ари агәаанагара аҧсахит

«Иахьа, абри иуадаҩӡоу аамҭазы абра, шәыгәҭа аҟазаара сара сзы ҳаҭыр дууп. Аҵыхәтәантәи 12 шықәса рыҩныҵҟала раҧхьаӡа акәны, Қырҭтәыла ахада Молдова даҭааит, абри аҩыза авизит ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рзы аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Молдова ахада Маиа Сандуи лареи реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

«Иахьа,  Европагьы Украинагьы аҭагылазаашьа абас ианыцәгьоу,  ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа рылацәажәаа уадаҩуп.   Шәареи ҳареи ҳзы уажәазы зегьы реиҳа ихадоуп Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа, иахьа шьыжьымҭан иҟалаз ахҭысқәа, Урыстәыла, гымбылџьбарала ажәылара нанагӡоит, Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи еиланагоит. Киев абомбақәа алажьра, баша атәылауаа ржәылара  — ҳаамҭазтәи адунеи, Европа, ҳтәылақәа, ҳара абри зегьы ҳҽанраалараны ҳаҟам. Урыстәылатәи агрессиа иахьатәи амш азы иҟазшьарбагам, уи анахронизмуп, Урыстәыла ҧасатәи ашәышықәсаҿ иаанхеит, аиабашьрақәеи атоталитаризми ршәышықәсаҿы», — илҳәеит  Зурабишвили.

Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра адунеи зегьы азы ашәарҭара дууп. Лара Украинеи аукраин жәлари ирҿагыло агрессиа ҕәҕәала дақәыӡбоит.

«Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рыхьӡала, даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳара Украинеи аукраин жәлари ҳашрыдгыло. Ҳара аибашьрақәеи ампыҵахалареи ҳхаагеит, усҟан ҳпартниорцәа Урыстәыла ҽакала иахәаҧшуан, Урыстәыла зыгәра угар ҟало партниоруп ҳәа   ргәы иаанагон, аха, Украина имҩаҧысуа аибашьра ари агәаанагара аҧсахит. Адунеи зегьы Урыстәыла ахаҿсахьа абеит», — илҳәеит  Зурабишвили.