Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили чехиатәи Сенат алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит.
Раҧхьа иргыланы, Саломе Зурабишвили Мшаҧы 9 аҵакы дазааҭгылан, асенаторцәа дрыҳәеит 1989 шықәса мшаҧы 9 рзы иҭахаз ауаа минуҭтәи аҿымҭрала ҳаҭырла иргәаладыршәарц.
Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, ҧыҭраамҭак аҧхьа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьан, аха, иахьа, атәыла хәыҷы-хәыҷла аурыс орбиташҟа ихынҳәуеит, ари алабҿабара европатәи ахырхарҭа иашьашәалам.
Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла авторитаризм аҳра аиур, арегионаҿ Европа апозициақәа акырӡа иҧсыҽхоит, адунеи аҿгьы Европа ҧырхага аиуеит.
„Иаартны исҳәар сҭахуп, Евроеидгыла жәашықәсала иаланарҵәоз абарҭ апринципқәа азымхьчар, тәыла хәыҷык аҿы арепрессиатә режим ишьақәнаргылаз аҭагылазаашьа иахәҭоу аҭак аҭара рылымшар, европатәи астратегиа ақьаад мацараҿ иаанхоит, ареалтә амч амам ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Урыстәыла абри зегьы иацклаҧшуеит, анеҩс, 2008 шықәсазгьы Украина иалагаз аибашьраҿгьы ирылымшаз ашьаҿақәа рыҟаҵара иалагоит, уажәы абри зегьы агибридтә жәыларақәа рыла иҟарҵоит, ҭынч Қырҭтәыла рнапахьы иааргар рҭахуп. Азнеишьа ҿыц азы арбџьармчқәа аҭахым, 3 ингридиентк мацароуп иаҭаху – алхрақәа раан аманипулиациеи, адезинформациеи апропагандеи, иара убас, атәыла аҩныҵҟа аинститутқәа зегьы ирхылаҧшуа аолигархи. Урыстәыла Украинаҿ арратә мчы ала аибашьраҿы аиааира азымгар, аполитикатә мҩала рхықәкы анагӡара рҽазыркуеит, наҟ-наҟ Украинаҿ алхрақәа рманипулиациала рхықәкы нарыгӡоит, атәыла аҩныҵҟа асистема арбгара рҽазыркуеит, Қырҭтәылаҿгьы абри ауп иҟарҵо“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.