Саломе Зурабишвили британиатәи апарламент адәныҟатәи аусқәа ркомитетаҿ дықәгылеит
«125 мшы инагӡо апротесттә акциақәа раан иҟаҵаз афотоҭыхымҭақәеи авидеонҵамҭақәеи рылагьы иубарҭоуп арҭ акциақәа аҭынчратә ҟазшьа шрымоу, аха, арҭ афактқәа ҟалеит Қырҭтәыла аиашаӡбаратә система иахьыҟам амшала», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили британиатәи апарламент адәныҟатәи аусқәа ркомитетаҿ данықәгылоз.
Зурабишвили уажәазы Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа дрыхцәажәан, ишазгәалҭаз ала, апротестқәа раан иаанкылаз ауаа рыхәҭак уажәгьы абахҭа иҭакуп, дара 7 шықәса инаркны 11 шықәсанӡа аҭакра рықәшәар ауеит.
Саломе Зурабишвили ишылҳәаз еиҧш, апротестқәа атәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҿы имҩаҧысуеит.
««Урыстәылатәи азакәан» аӡбахә шәаҳахьазар ҟалап, Урыстәыла анапхгара ари азакәан рхы иадырхәоит атәылауаҩратә уаажәларра ахәаҽразы. Қырҭтәыла ари апроцесс ирласӡаны имҩаҧысуеит. Есымша азакәан ҿыцқәа рыдыркылоит, Урыстәыла еиҧшҵәҟьоуп рхы шымҩаҧырго — адәахьы амч рхы иадырхәоит, ауаа ааныркылоит. Еиуеиҧшым аамҭазы 400ҩык раҟара иаанкылан, џьоукы административтә харадҵарала, џьоукы – ашьауҕатә ала. Урҭ рҟынтә 50ҩык раҟара уажәгьы иҭакуп, дара 7 шықәса инаркны 11 шықәсанӡа аҭакра рықәшәар ҟалап. 125 мшы инагӡо апротесттә акциақәа раан иҟаҵаз афотоҭыхымҭақәеи авидеонҵамҭақәеи рылагьы иубарҭоуп арҭ акциақәа аҭынчратә ҟазшьа шрымоу, аха, арҭ афактқәа ҟалеит Қырҭтәыла аиашаӡбаратә система иахьыҟам амшала», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили.