Саломе Зурабишвили Барҭынтәи апровинциаҿ иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟалҵеит
Саломе Зурабишвили Барҭынтәи апровинциаҿ иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟалҵеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Барҭынтәи апровинциаҿ иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟалҵеит.

„Ҭырқәтәыла, Барҭынтәи апровинциа арыцҳара ду ҟалеит. Иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа гәык ала срыдашшылоит“, – иануп ахада лҳәамҭа аҿы.

Жьҭаара 14 рзы, Ҭырқәтәыла, Барҭынтәи апровинциаҿ амаденҵхырҭаҿ аҭыԥ змаз аԥжәара амшала 28-ҩык ҭахеит. Ауаа реиқәырхаразы аусԥшаара-аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит. Амзызқәа макьана идырым.