Саломе Зурабишвили – Атәылаҿы аилаҩынтәра иалацәажәоит, уи зхы иазырхәо ауааҧсыра атәылаҿы адестабилизациа иазҿлымҳауп
Саломе Зурабишвили – Атәылаҿы аилаҩынтәра иалацәажәоит, уи зхы иазырхәо ауааҧсыра атәылаҿы адестабилизациа иазҿлымҳауп

Саломе Зурабишвили иахьа атәылаҿы иҟалаз ахҭысқәа дрыхцәажәеит.

Зурабишвили ишылҳәаз ала, иахьа атәылаҿы аилаҩынтәра иалацәажәоит, убри аамҭазы, уаҵәтәи алхрақәа ҭынч, ииашаны имҩаҧысырц азыҳәан, аҭынчроуп зегьы раасҭа атәыла иаҭаху.

«Ари аинформациа ииашоу ииашаму, атема ахаҭа алхраҧхьатәи алагылазаара иаҧырхагоуп, уезгьы иҭынчым, иааҧсаз  ажәлар иаҳа иаргәамҵуеит, аполиаризациа азнарҳауеит. Абри атема иааҟәымҵӡакәа иалацәажәо, зхы иазырхәо ауааҧсыра атәылеи ииашоу алхрақәеи  иазхәыцуам, жьҭаара 3 рзы адәахьы ишдәылҵша, адестабилизациа  ауп изызхәыцуа. Ианцәажәо, ауаа ҭынч алхрақәа рахь анеира рыбжьаргоит, аха, рхымҩаҧгашьа уахәаҧшыр, алхрақәа  ракәымкәа, даҽак азы рҽазыҟарҵоушәа убарҭоуп.   Егьи аганахьала, атәыла анапхгарагьы ишрыхәҭоу еиҧш абарҭ афактқәа ирықәҿырҭуам, ажәлар ирҭынчны, алхраҧхьатәи агәалаҟазаара рыздырхынҳәыр акәын.

Иахьа апартиақәа ракәымкәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ракәын акомментариақәа ҟазҵашаз, дара афактқәа рыла ажәлар агәра ддыргар акәын ари аинформациа ииашоу имцу.  Ажәлар атәылаҿы аҳәынҭқарратә структурақәа русушьа иадҳәаланы агәыҩбара анрымоу аамҭазы,  аӡәы ихыччара  —  уи аҭакӡам.  Атәыла анапхгара адестабилизациа аҽазкра цыҧхьаӡа аҧыхра ируалуп, аполиаризациа  ааныркылароуп. Аиҳабыра роуп ҭынч алхрақәа рымҩаҧгаразы аҭак зыҧхықәу.

Ажәлар жьҭаара 3 рзы аҽазыҟаҵара рҭахым, иарбанзаалак партиак абри аҩыза адеструктивтә мҩала ицом, избанзар, ҳажәлар ибзианы еилыркаауеит адәахьы аполиаризациа лҵәшас ахылҵыр зылшо. Атәылауаҩратә аиҿагылара аамҭа цахьеит. Аҭак зыҧхықәу ауааҧсыра атәылеи уи аҧеиҧши иазхәыцуазар, амца иалахәмарыр ҟалом.   Ус ҟамлап ҳәа сгәыҕуеит, избанзар ҳажәлар аполитикцәа раасҭа иаҳа ргәы рҽанауп.  Сара мҩак аҿы ма ашҭак аҿы акәӡам сахьрыдгыло, сара аконституциатә азинеиҿкаареи аҧеиҧш ҭынчи садгылоит. Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит аҭакҧхықәра рхы адырҵарц. Атәыла аҭышәынтәалара  — иаҳзеиҧшу аихьӡароуп, ҳара ахаангьы уи мап ацәаҳкуам», — илҳәеит Зурабишвили.