Саломе Зурабишвили аҿагылара аплатформа аҧҵара аинициативала дықәгылеит
Ахықәкы анагӡаразы, адәахьы имҩаҧысуа апротест инаваргыланы, аполитикатә форматгьы иҟазароуп, убри аҟынтә, аргама иаасыцҳауеит европатәи ахырхарҭа иадгыло аполитикатә спектр аҽалархәрала аҿагылара аплатформа шеиҿкаахо, – илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуа акциаҿы данықәгылоз.
Зурабишвили лҳәамҭала, аплатформа алахәылацәа рполитикатә аҳәатәеиқәымшәара иамыхәаҧшкәа, ақәҧара еицынарыгӡароуп.
„Ари аплатформа европатәи ахырхарҭа иадгыло, рпартиатә аҳәатәеиқәымшәара иамыхәаҧшкәа аҵыхәанӡа ақәҧара иазыхиоу апартиақәеи агәыҧқәеи зегьы рзы иаартызаауеит. Ҳара иаҳзеиҧшу ахадаратә 2 хықәкык ҳамоуп – аҿыц алхрақәа рымҩаҧгареи аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи. Абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы ҳполитикатә позициақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхароуп. Акоординациа зызу аполитикатә процесс иаанаго акоуп – атәыла ахада лнапхгарала аполитикатә платформа алахәылацәа зегьы еизаны, аполиткиатә проблемақәа ахәшьара рырҭоит, рпозициақәеи наҟ-наҟтәи ашьаҿақәеи, иаку астратегиеи рзы еиқәшаҳаҭхоит“, – илҳәеит Зурабишвили.