Руслан Степанчук  Шьалшуа Папуашвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идныҳәаланы, Украина адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит
Руслан Степанчук  Шьалшуа Папуашвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идныҳәаланы, Украина адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит

Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Руслан Степанчук  Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идныҳәаланы, ақырҭуа депутатцәа Украина адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Украина Иреиҳаӡоу Рада ахьӡала, Қырҭтәыла амилаҭтә ныҳәа  —  Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп.

Ақырҭуа депутатцәа Украина адгыларазы ҭабуп ҳәа расҳәоит.

Ҳаҭыр зқәу ахантәаҩы, аҭак зыҧхықәу шәусураҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит, шәуааҧсыра  —  аҭышәынтәалареи ашәҭыкакаҷреи», — иануп Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы ишәҟәы аҟны.