Лаҵара 26  - Қырҭтәыла Ахьыҧшымра мшуп  [афото]
Лаҵара 26  - Қырҭтәыла Ахьыҧшымра мшуп  [афото]

Ахақәиҭра ашҭаҿы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш иазкыз ауснагӡатә мҩаҧган. Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла Арбџьармчқәа.

Иахьа 700ҩык раҟара аруаҩҿыццәа арратә ҭоуба рун, Атәылахьчаратә мчқәа ирылалеит.

Ауснагӡатә асасцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании.

Ишаҧу еиҧш, лаҵара 26 рзы  атәыла зехьынџьара, 21 ақалақьқәеи амуниципалитетқәеи рҿы Ахьыҧшымра амш иазгәарҭоит. Атәылауаа ирызцәырган арратә техникеи аџьаҧҳани. Аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧган Қарҭи, Гории, Ахалцихеи, Мцхеҭеи, Русҭавии, Қәҭешьи, Жәыргьыҭи, Озургеҭии, Ҧуҭии, Амбролаурии, Хонии, Ҭелавии, Ахалқалақьи, Марнеулии, Сенакии, Самтредиеи, Баҕдади, Чхороҵҟуи, Абашеи, Мартвилии.