Rothschild & Co  Қырҭтәыла арегионалтә афинанстә центр ашьақәыргылара астратегиа аус адулара иалагеит
Rothschild & Co Қырҭтәыла арегионалтә афинанстә центр ашьақәыргылара астратегиа аус адулара иалагеит

Қырҭтәыла иаҭааит адунеи идуӡӡоу афинанстә гәыҧ Rothschild & Co аделегациа, дара атәыла арегионалтә афинанстә центр ашьақәыргылара астратегиа аус адулара иалагеит. Қырҭтәыла аиҳабыреи Rothschild & Co-и иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бриуссель ивизит аан.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы аилахәыра анапхгаратә директор Ариель Малард де Ротшилд анапхгара ззиуа аделегациа идикылеит аиҳабыра радминистрациаҿы.

Аиҿцәажәара аан хшыҩзышьҭра рызун атәыла арегионалтә афинанстә центрс ашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа, ишазгәаҭаз ала, уи аинвестициақәа рыдыҧхьалареи, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, ҳаамҭазтәи афинанстәи атехнологиатәи системақәа раларҵәареи иацхраауеит.

Аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, ари ахырхарҭала активла аусура иалагоит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қарҭи Гониои жәларбжьаратәи афинанстә зонақәа раҧҵара азҵаара иалацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, афинанстә зонақәа рҿы аусура иалаго жәларбжьаратәи аилахәырақәа русзуҩцәа реиҳара Қырҭтәыла атәылауаа ракәхоит, дара азанааҭтәи акариератәи аҿиара алшара роуеит, ари азҵаара Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҵакы ду амоуп.

Аиҧылараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла еиқәыршәоу, иманшәалоу аинвестициатә лагылазаареи акапитал аџьармыкьа аҿиареи, уи атәыла аекономикатә политикаҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп.

Аҧыза-министр Rothschild&Co анапхгаратә директор аиҳабыра рҟынтә адгылара ҕәҕәа дақәиргәыҕит астратегиа аус адулара апроцесс қәҿиарала амҩагареи, Қырҭтәылаҟа атәым афинанстә ресурсқәеи жәларбжьаратәи афинанстә еилахәырақәеи рыдыҧхьаларазы излауа ала ирласны аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵареи азыҳәан.

Аиҧылара рхы аладырхәит аилахәыра Rothschild & Co ахаҭарнакцәа Пиер Аделини Ела Треди, аилахәыра KAISER PARTNER анагӡаратә директор Штефан Линигери, аилахәыра ахаҭарнак Марк Госмани, Қырҭтәыла аган аҟынтә – аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили