„Роитер“ аинформациала, иахьа Египет Израили ҲАМАСи реибашьра иазку  аҭынчратә саммит мҩаҧысуеит, уи рхы аладырхәоит адунеи 20 инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа
„Роитер“ аинформациала, иахьа Египет Израили ҲАМАСи реибашьра иазку  аҭынчратә саммит мҩаҧысуеит, уи рхы аладырхәоит адунеи 20 инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа

Аинформациатә агентра  „Роитер“ адыррала, иахьа Египет Изарили ҲАМАСи рыбжьара аибашьра иазку аҭынчратә саммит мҩаҧысуеит, уи рхы аладырхәоит 20 инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа.

„Роитер“ ишану ала, асаммит рхы аладырхәоит Египет ахада Абдул-Ҧаҭаҳ Аль-Сиси, Палестина ахада Маҳмуд Абас, Британиа Ду  адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеимс Клеверли, ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш,  Италиеи Испаниеи рҧыза-министрцәеи, Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри, араҧтәи ҳәынҭқаррақәак рлидерцәеи. Израили, ҲАМАСи, Америкеи, Ирани рлидерцәа асаммит рхы аладырхәом.