Reuters - Польша ишаанацҳаз ала, Швециеи Финлиандиеи НАТО иалалаанӡа ирықәлар,  Польша арҭ атәылақәа ирыцхраауеит
Reuters - Польша ишаанацҳаз ала, Швециеи Финлиандиеи НАТО иалалаанӡа ирықәлар,  Польша арҭ атәылақәа ирыцхраауеит

Польша  Швециеи Финлиандиеи ирыцхрауеит арҭ атәылақәа НАТО иалалаанӡа ирықәлар.  Reuters адыррақәа рыла, ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Польша аҧыза-министр  Матеуш Моравецки.

Иара иажәақәа рыла, Швециеи Финлиандиеи НАТО ашҟа ралалара Европа ашәарҭадара арҕәҕәоит.

«Аргама аасыцҳар сҭахуп, алалара апроцесс аан Швециеи Финлиандиеи ирықәлар, Польша арҭ атәылақәа ирыцхраауеит», — иҳәеит  Моравецки.

Иацы  Финлиандиеи  Швециеи НАТО алаларазы аофициалла азыҳәамҭа ҟарҵеит.