Reuters -  Иран ишырҳәаз ала,  апротесттә акциақәа раан иҭахаз  5000ҩык раҟара рыхьӡқәа еилкаауп, урҭ рҟынтә  500ҩык ашәарҭадаратә мчқәа русзуҩцәа роуп 
Reuters -  Иран ишырҳәаз ала,  апротесттә акциақәа раан иҭахаз  5000ҩык раҟара рыхьӡқәа еилкаауп, урҭ рҟынтә  500ҩык ашәарҭадаратә мчқәа русзуҩцәа роуп 

Иран аофициалтә хаҿқәа рдыррақәа рыла,  апротесттә акциақәа раан иҭахаз  5000ҩык раҟара рыхьӡқәа еилкаауп, урҭ рҟынтә  500ҩык ашәарҭадаратә мчқәа русзуҩцәа роуп. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Зыхьӡ зымҳәаз ауаҩы агентра ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, зегьы реиҳа иџьбараз аиҿагыларақәа ҟалеит Иран аҩада-мраҭашәаратә ахәҭаҿы, уаҟа, бжеиҳарала, ирантәи ақурдцәа роуп инхо. Иара иҳәамҭала, иҭахаз ауаа иаҳа ирацәахаз ҟалап.

Иран анапхгара абри аилаҩынтәра  «атеррористцәеи бџьартә гәыҧқәеи» ирхарарҵоит, дара ражәақәа рыла, атеррористцәа  «акгьы зхарам аиранцәа» ршьоит.

Тегеран ишырҳәаз ала, «адемонстрантцәа ирыцхраауан, иагьеибырҭон Израили аҳәаанырцәтәи арратә гәыҧқәеи».