Реџьеп  Таип Эрдоҕан – Урыстәыла жәларбжьаратәи зин еиланагеит ҳәа иҳаҧхьаӡоит, ари ашьаҿа арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иаҧырхагоуп

Украина иаҿагылоу арратә агрессиа ҳзақәшаҳаҭхом, — иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада  Реџьеп  Таип Эрдоҕан атәыла Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь.

Эрдоҕан иҳәамҭала, ари ашьаҿа арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иаҧырхагоуп.

«Украина иаҿагылоу арратә агрессиа ҳзақәшаҳаҭхом. Урыстәыла жәларбжьаратәи зин еиланагеит ҳәа иҳаҧхьаӡоит, ари ашьаҿа арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иаҧырхагоуп. Аҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи ихьчазароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ари ашьаҿа арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иаҧырхагоуп, амч ахархәарала аҳәаақәа рыҧсахра ҟалом. Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  излауа ала ирласны азакәандаратә ауранагӡара иаҟәыҵырц. Ҭырқәтәыла, ҳаҧхьаҟагьы, Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит», — иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада.