Қырҭтәылеи Кореиеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиҿцәажәарақәа мҩаҧгахоит 2024 шықәса жәабран азы
Қырҭтәылеи Кореиеи рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиҿцәажәарақәа мҩаҧгахоит 2024 шықәса жәабран азы

Сеул ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Генади Арвелаӡеи Кореиатәи ареспублика ахәаахәҭра аминистр  Дугкун Ани Қырҭтәылеи Кореиатәи ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорразы аиҿцәажәарақәа  ралагара  иазку азеиҧш аҳәамҭа рнапы аҵарҩит.  Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа аиқәшаҳаҭра иазку аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы аҭагылазаашьақәа ирызку адокумент рыдыркылеит.

Аиҿцәажәарақәа актәи араунд мҩаҧысраны иҟоуп  2024 шықәса актәи акварталаз.

«Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аҩ-ҳәынҭқаррак ирзыфеидоуп. Уи Қырҭтәылеи Кореиеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит, иара убас,   ҩ-ганктәи аусеицура аспектр ду азы аинституциатә ашьаҭа ҕәҕәа еиқәнаршәоит“, – иҳәеит  Генади Арвелаӡе.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра апресс-маҵзура.