Рати Брегаӡе  - Иахьатәи асимволтә амш азы Қырҭтәыла, ҳтәыла адеокупациа наӡа захьӡу  аҵыхтәантәи аиааира ахырхарҭала даҽа шьаҿа дук ҟанаҵеит
Рати Брегаӡе  - Иахьатәи асимволтә амш азы Қырҭтәыла, ҳтәыла адеокупациа наӡа захьӡу  аҵыхтәантәи аиааира ахырхарҭала даҽа шьаҿа дук ҟанаҵеит

«Иахьатәи асимволтә амш азы Қырҭтәыла, ҳтәыла адеокупациа наӡа захьӡу  аҵыхтәантәи аиааира ахырхарҭала даҽа шьаҿа дук ҟанаҵеит», — иҳәеит аиустициа аминистр Рати  Брегаӡе.

Брегаӡе иажәақәа рыла, 2012  шықәса инаркны,  Қырҭтәыла Страстургтәи аӡбарҭаҿ Урыстәыла иаҿагыланы аиааирақәа рацәа агеит.

«2012 шықәса инаркны,   Қырҭтәыла,   Страстургтәи аӡбарҭаҿ Урыстәыоа иаҿагыланы аиааирақәа рацәа агеит, ахатә аиашара шьақәнарҕәҕәеит.  Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа Урыстәыла ала ишымпыҵахалоу шьақәырҕәҕәоуп,  Урыстәыла  10 миллион акомпенсациа ашәара адырҵеит.  Ҳара адунеи зегьы идҳардырыр ҳалшоит Қырҭтәыла  аҵакырадгьылқәа уажәгьы Урыстәыла ала импыҵахаланы ишыҟоу.

Иахьатәи асимволтә амш азы Қырҭтәыла, ҳтәыла адеокупациа наӡа захьӡу  аҵыхтәантәи аиааира ахырхарҭала даҽа шьаҿа дук ҟанаҵеит. Иахьатәи аӡбара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадлгьылтә акзаареи шьақәнарҕәҕәеит.

Ари аиааира зыбзоуроу афырхацәа рацәоуп.  Ари аус иалахәыз иашьашәалоу аҳәынҭқарратә структурақәа ҭабуп ҳәа расҳәоит», — иҳәеит  Брегаӡе.