Финлиандиа Европа азҵаарақәа рзы аминистр - Қырҭтәыла апрогресс ахьызбо даара сеигәырӷьоит, имҩаԥгаз ареформақәа Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш дырманшәалоит
Финлиандиа Европа азҵаарақәа рзы аминистр - Қырҭтәыла апрогресс ахьызбо даара сеигәырӷьоит, имҩаԥгаз ареформақәа Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш дырманшәалоит

Евроеидгыла аҭышәынтәалареи мышхәбзазареи рзы арҭбаара аҵак ду амоуп.  Қырҭтәыла апрогресс ахьызбо даара сеигәырӷьоит, имҩаԥгаз ареформақәа Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш дырманшәалоит, – иҳәеит Финлиандиа Европа азҵаарақәа рзы аминистр Илиа Дарчиашвили иҟны аиԥылара ашьҭахь.

Андрес Адлеркроиц иҟаиҵаз аҳәамҭала, Финлиандиа Қырҭтәыла европатәи маҩаҿ адгылара азаанарԥшуеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили хәажәкыра 12-13 рзы Финлиандиа аофициалтә визитла дыҟан.

“Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Финлиандиа ахада Александр Штуб диԥылеит. Иара убас, Илиа Дарчиашвили аиԥылара мҩаԥигеит финлиандиатәи аколлега Елина Валтонен лҟны. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Финлиандиатәи Ареспублика Евроеидгыла азҵаарақәа рзы Финлиандиа апарламент акомитет ду ахаҭарнакцәеи, Финлиандиа апарламент анапхгаратә партиа афракциа ахантәаҩы, Қырҭтәыла аиҩызаратә гәыԥ анапхгаҩы Матиас Мартиненси дырԥылеит.

Аиԥыларақәа рҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рпартниортә еизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи  ирылацәажәеит. Иара убас, хшыҩзышьҭра ҷыда рызун Қырҭтәыла Евроеидгыла азааигәахара апроцесси ари ахырхарҭала Финлиандиа инанагӡо ароли“,- иазгәаҭоуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.