Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит
Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит

Қарҭ, Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит.

Аиқәшаҳаҭра атауари амаҵзуреи рыхәаахәҭреи, аҳазалхтә процедурақәеи, асанитартәи афитосанитартәи нормақәеи, ахәаахәҭра атезникатә бариери егьырҭ аекономикатә усеицура хырхарҭақәеи – атранспорти, аенергетикеи, аинвестициақәеи ирызкуп.

Қырҭтәыла аган аҟынтә аиҿцәажәара далахәуп Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Геннади Арвелаӡе, Кореиатәи аган аҟынтә – Ахәаахәҭреи, аиндустриеи, аенергетикеи рминистрра ахәаахәҭратә аиҿцәажәарақәа рдепартамент анапхгаҩы Сунггин Чанг.

Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Геннади Арвелаӡе ишааицҳаз, хара имгакәа Қырҭтәыла Кореиатәи Ареспублика ацҳаражәҳәара аартхоит.