Хара имгакәа Қырҭтәыла даҭаауеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада
Хара имгакәа Қырҭтәыла даҭаауеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада

Хара имгакәа Қырҭтәыла даҭаауеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг. Ари Столтенберг ихаҭа ааицҳаит имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы.

Столтенберг иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Нато азы  игәрагоу партниоруп, егьырҭ европатәи атәылақәа реиԥш ахатә мҩа алхра зин амоуп.

“Қырҭтәыла изныкымкәа сцахьан, партниорра арӷәӷәаразы ари атәыла хара имгакәа аҭаара сгәы иҭоуп. Қырҭтәылазы исымоу ашьҭымҭа – ареформақәа роуп. Нато хәынаӡарақәас адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи ауп амоу. Евроатлантикатә интеграциа амҩаҿ Қырҭтәыла арҭ астандартқәа ирышьашәалазароуп”, – иҳәеит Столтеньерг.