Қырҭтәыла авакцинациа хәажәкыра 15 рзы иалагоит
Қырҭтәыла авакцинациа хәажәкыра 15 рзы иалагоит

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центри авакцинациа аплани рыла, Қырҭтәыла алырххьаз 82 аусҳәарҭақәа рҿы авакцинациа хәажәкыра 15 рзы алагоит, – ари атәы аалыцҳаит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе.

Тикараӡе лажәақәа рыла, Қырҭтәыла «Ковакс» аплатформа аҟынтә аицит акоронавирус азы «Астразенека» аԥнаҵаз алаҵа.

«Иахьа иҳамоуп акоронавирус азы 43200 алаҵақәа. Аплан инақәыршәаны раԥхьаӡаалақақәа амедперсонал рзыҟарҵоит. Иахьазы иҭаҩу́п 64051-ҩы́к, урҭ рҟынтә алақақәа рзыҟарҵоит 54000-ҩык,» – илҳәеит аминистр.