Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аделегациа Германтәыла, Рамштаин абазаҿ имҩаҧгаз Украина ахыхьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ аилатәара рхы аладырхәит
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аделегациа Германтәыла, Рамштаин абазаҿ имҩаҧгаз Украина ахыхьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ аилатәара рхы аладырхәит

 Аминистр Џьуаншер Бурџулаӡе анапхгара ззиуа Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аделегациа Германтәыла, Рамштаин абазаҿ имҩаҧгаз Украина ахыхьчара азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыҧ аилатәара рхы аладырхәит.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, аиҧылара мҩаҧыргеит Америка атәылахьчара аминистр Ллоид Остини Иеиду аштабқәа рнапхгаҩы, аинрал  Марк Милли.

Раимштаин абазаҿ имҩаҧгаз аиҧылараан иалацәажәеит Украина имҩаҧысуа урыстәылатәи агрессиа иахылҵыз аҭагылазаашьеи,  атәыла аҭахрақәеи, Америка апартниорцәа ирызцәырҵыз ашәарҭарақәеи.  Аиҧылара алахәылацәа ишазәгарҭаз ала,  Аимадаратә гәыҧ Украина иадгылоит, Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа иақәыӡбоит.

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр аиҧылара далахәын Америка атәылахьчара аминистр иааҧхьарала.