Қырҭтәыла аштамм  "омикрон" даҽа 19 факт аарҧшуп
Қырҭтәыла аштамм  "омикрон" даҽа 19 факт аарҧшуп

Қырҭтәыла аштамм  “омикрон” даҽа 19 факт аарҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Иахьа уажәраанӡа Қырҭтәыла аштамм амикрон   48 фактқәа аарҧшуп.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иацы Қырҭтәыла Актәи аканал аефир аҿы ишааицҳаз ала,  штамм «омикрон» атәылаҿы аларҵәара иалагеит.