Қырҭтәыла апрокуратура атәым ҳәынҭқарра атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә ауранагӡара ацхраареи азы ҩыџьа ауааҧсыра ахара рыднаҵеит
Қырҭтәыла апрокуратура атәым ҳәынҭқарра атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә ауранагӡара ацхраареи азы ҩыџьа ауааҧсыра ахара рыднаҵеит

Қырҭтәыла апрокуратура атәым ҳәынҭқарра атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә ауранагӡара ацхраареи, закәандарала аџьаҧҳани аҧжәагақәеи раахәареи  азы ҩыџьа ауааҧсыра ахара рыднаҵеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Апрокуратура хада.

Апрокуратура адыррала, ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 10  шықәса инаркны  17 шықәсанӡа аҭакра.

„Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аконтртеррористтә центр ала имҩаҧгаз аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа атеррористтә аиҿкаара  „Исламтәи аҳәынҭқарра“ аҟны аимадара рымазар ҟалап, дара закәандарала аџьаҧҳани аҧжәагақәеи иҵәахны ирыман.

Ахара зду ауаа рынхарҭақәа реимдараан аарҧшын атеррористтә аиҿкаара „Исламтәи аҳәынҭқарра“ асимволика зну абираҟ.

Амаҵзура атәым ҳәынҭқарра атеррористтә аиҿкаара алахәызаара афакт азы аусеилыргара нанагӡоит. Зыӡбахәы ҳәоу  ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 10  шықәса инаркны  17 шықәсанӡа аҭакра.

Қырҭтәыла апрокуратура аӡбарҭахь  азыҳәара аланагалеит ахара зду ауааҧсыра, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, аҭакра рықәырҵарц“, — иануп аусбарҭа аҳәамҭаҿы.