Қырҭтәыла аҧыза-министр Швециатәи аҳра атәылахьчара аминистр диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Швециатәи аҳра атәылахьчара аминистр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Швециатәи аҳра атәылахьчара аминистр Петер Ҳалқвист  диҧылеит.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра рызун ҩ-тәылак реиҩызаратәи рпартниортәи еизыҟазаашьақәа, ҷыдала иазааҭгылеит атәылахьчара аусхкы аҿы аусеицура. Иаҵшьны иазгәаҭан 2022 шықәсазы Қырҭтәылеи Швециеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра шазгәарҭо, уигьы даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит ҩ-тәылак рпартниорра шыҕәҕәоу.  

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Евроеидгыла алалара амзызла Қырҭтәыла иҟанаҵаз аофициалтә азыҳәамҭа иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ари апроцесс аҿы апартниорцәа рыдгылара аҵакы ҷыда амоуп. Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра иҳаракны ахә ршьоит Евроеидгылашҟа аинтеграциа апроцесси европатәи ареформақәа русхәаҧштәи ахырхарҭала  швециатәи аган аҟынтә ирымоу адгылара.  

Питер Ҳалқвист  аҧыза-министр изышьақәирҕәҕәеит Швециа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.  

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун Украина имҩаҧысуа аибашьра, даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла  жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы Украина ишадгыло. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан излауа ала ирласны аибашьра ахыркәшаразы жәларбжьаратәи аҽазышәарақәа аҵакы ҷыда шрымоу.  

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Швециатәи аҳра ацҳаражәҳәаҩ Улрик Ҭидестроми, Атәылахьчара аполитиказы адепартамент адиректор Иоҳан Лагерлофи, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи.