Қырҭтәыла Апатриархиа – Матрона ацқьа лныхачаҧа ҳамҭас иҳазҭаз  ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Сталин идҳәалоу аепизод амшала,  дара рхала аныхачаҧа аҧсахрақәа аларгаларц, мамзар,  уи ҳара иҟаҳҵоит
Қырҭтәыла Апатриархиа – Матрона ацқьа лныхачаҧа ҳамҭас иҳазҭаз  ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Сталин идҳәалоу аепизод амшала,  дара рхала аныхачаҧа аҧсахрақәа аларгаларц, мамзар,  уи ҳара иҟаҳҵоит

Қырҭтәыла Апатриархиа Матрона ацқьа лныхачаҧа ҳамҭас ирызҭаз  ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Сталин идҳәалоу аепизод амшала,  дара рхала аныхачаҧа аҧсахрақәа аларгаларц, мамзар,  уи Апатриархиа иҟанаҵоит,  – иануп Апатриархиа аинформациаҿы.

„Самеба аныхабааҿ ишьҭоу Матрона ацқьа лныхачаҧа  епизодк амшала,  аиҿагылара ҟалеит,  ари ахҭыс аполитикатә ҟазшьа аиуит. Насгьы, ари аныхачаҧа ишакәым ала иазныҟәеит,  еиуеиҧшым ииашам агәаанагарақәа аларҵәара роуит,  убри аҟынтә,  аилыркаарақәа ҟаҳҵоит:

Аныхаҩыра аканоникатә пҟарақәа инрықәыршәаны,  аныхачаҧаҿ даарҧшызар ҟалоит ацқьа мацара иакәымкәа,  ацқьа иҧсҭазаара иадҳәалоу ареалтә епизодқәагьы, дарбанызаалак ауаҩгьы, аиеретикцәеи ақьырсианра аҿагылаҩцәеи, насгьы,  Ацқьа ду дзыргәаҟызгьы. Аха, уи иаанагом аныхачаҧа арҭ ауаа рыхьӡ шьҭнахуеит  ҳәа, абри аҩыза адетальқәа Ацқьа иҧсҭазаара иадҳәалоу афактқәа аадырҧшуеит.

И. Сталини Матрона ацқьеи реиҧылара шьақәзырҕәҕәо ашаҳаҭгақәа маҷуп, убри аҟынтә,  ари аепизод лара лыҧсҭазаара аазырҧшуа аканоникатә текст ианым. Зыӡбахәы ҳәоу аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны,  ари аепизод иҧсахтәуп.

Матрона ацқьа лныхачаҧа ҳамҭас иҳазҭаз  ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Сталин идҳәалоу аепизод амшала,  дара рхала аныхачаҧа аҧсахрақәа аларгаларц, мамзар,  уи ҳара иҟаҳҵоит», — иануп Апатриархиа аҳәамҭаҿы.