Қырҭтәыла Апатриархиа иаҵанакуа Мцхеҭа-Қарҭтәи аепархиатә комиссиа архимандрит Дороте Ҟурашвили иус азы аихшьаала цәырнагеит
Қырҭтәыла Апатриархиа иаҵанакуа Мцхеҭа-Қарҭтәи аепархиатә комиссиа архимандрит Дороте Ҟурашвили иус азы аихшьаала цәырнагеит

Қырҭтәыла Апатриархиа иаҵанакуа Мцхеҭа-Қарҭтәи аепархиатә комиссиа Қьырса иира ахьӡала Ҵаҟатәи Вифлеем иҟоу аныхабаа ахылаҧшҩы,  архимандрит Дороте Ҟурашвили иус азы аихшьаала цәырнагеит.

Қырҭтәыла Апатриархиа адыррқәа рыла, аепархиатә комиссиа алахәылацәа ргәаанагарала, архимандрит Дороте уажәгьы алеишәатәи аморалтәи аилагарақәа идбалоуп, урҭ иреиуп аҧшьаҩы ихәҭам амцҳәарагьы.

Акомиссиа алахәылацәа Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи иҳәеит, Акомиссиа аҳаҭыр аларҟәреи изныкымкәа акомиссиашҟа амнеиреи азы,   ахьырхәра аҳасабала,  архимандрит Дороте Қьырса иира ахьӡала Ҵаҟатәи Вифлеем иҟоу аныхабаа ахылаҧшҩы иҧхықәрақәа имхны,  аҧшьаҩы иаҳасабала Самеба Апатриархиатә Лаврашҟа диаргарц.