Қырҭтәыла Апатриархиа – Ауахәама амчылареи, агрессиеи ауаажәларра аиҟәшара зхылҵуа апроцессқәеи, аиҿагылареи изақәшаҳаҭхом
Ауахәама амчылареи, агрессиеи ауаажәларра аиҟәшара зхылҵуа апроцессқәеи, аиҿагылареи изақәшаҳаҭхом , — иануп Қырҭтәыла Апатриархиа аҳәамҭаҿы.
Апатриархиа «ТВ Пирвели» аҭыхратә гәыҧ рықәлара афакт иақәҿнаҭит.
«Рыцҳарас иҟалаз, ҳтәылаҿ аҭагылазаашьа цәгьоуп. Зыхьӡқәа еилкаам ауаа рыла ажурналистцәа рықәлара ҳаргәамҵуеит, избанзар, абри аҩыза афактқәа рацәахар ауеит.
Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭоит ауахәама амчылареи, агрессиеи ауаажәларра аиҟәшара зхылҵуа апроцессқәеи, аиҿагылареи ишақәшаҳаҭым.
Қырҭтәыла аиҳабыреи иашьашәалоу аструктурақәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит зыҧшра ҟамҵакәа аусеилыргара мҩаҧганы, атәылаҿ абри аҩыза афактқәа раҧыхра еиқәдыршәарц. Ҳара атәылауаҩратә аиҿагылара ашәарҭара ҳҭагылоуп, убри аҟынтә, атәылаҿ аҭынчратә процесс иалагарц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҵатәуп.
Ҳара ауаажәларра алахәылацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит апровокациақәа рҽаларымгаларц, ачҳареи аҟәышреи аадырҧшырц», — иануп Апатриархиа аҳәамҭаҿы.