Қырҭтәыла Апатриархиа Асинод цқьа аилатәара апротокол аланарҵәеит - «Анеҩстәи аилатәараҿы ,Апатриарх иҭыҧаз хҩык акандидатцәа алхны, ирҭаау аизара адаргалоит»
Қырҭтәыла Апатриархиа мшаҧы 3 рзы имҩаҧгаз Асинод цқьа аилатәара апротокол аланарҵәеит. Адокумент ишану ала, аилатәараҿы аҧхьаӡаратәи, амандаттәи, аредакциатәи комиссиақәа рылахәылацәеи рхантәаҩцәеи рыхьӡқәа рҳәеит.
Аилатәара амаӡаныҟәгаҩс далхын амитрополит Андриа (Гвазавa).
Митрополит Шио Асинод цқьа адигалеит абарҭ апроцедуратә зҵаарақәа: Апатриарх иҭыҧаз акандидатцәа ралхраа ҭагылазаашьақәа (хҩык акандидатцәа); ирҭбаау ауахәаматә аизара амҩаҧгара апроцедурақәа, иара убас, алхрақәа иаартны, еиҿкааны рымҩаҧгара еиқәзыршәо аҧхьаӡаратәи, амандаттәи, аредакциатәи комиссиақәа реилазаара ҳәаақәҵан.
Апротокол инақәыршәаны, анеҩстәи аилатәараҿы ,Апатриарх иҭыҧаз хҩык акандидатцәа алхны, ирҭбаау аизара адаргалоит.
Асинод цқьа ишьақәнаргылеит:
- Анеҩстәи аилатәараҿы акандидатцәа рсиа ахәаҧшреи, апроцедурақәа зегьы инрықәыршәаны акандидатцәа ралхреи, Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама ирҭбаау аизараҿы рықәыргылареи.
2. Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иалхра иазку ирҭбаау аизара мҩаҧгахоит Самеба аныхабааҿы.
3. Акомиссиақәа реилазәаара ашьақәырҕәҕәара:
- Асинод анеҩстәи аилатәаранӡа анапхгара змоу архиереицәа, рхатә епархиақәа рҟынтә ирҭбаау аизара иалахәхәо аделегатцәа рсиа еиқәыршәаны, Асинод аилатәараҿы ицәырыргароуп.
Асинод анеҩстәи аилатәара амҩаҧгара арыцхә макьана ишьақәыргылам.