Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио иааҧхьарала, мшаҧы 3 рзы Апатриархиаҿ Асинод цқьа аилатәара мҩаҧгахоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Апатриархиа.
Аинформациа ишану ала, аилатәараҿы Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама анапхгараҭара аҧҟаҧҵа ианым аиҿкааратә зҵаарақәа ирылацәажәоит. Арҭ азҵаарақәа иреиуп Асинод анеҩстәи аилатәарақәа рымҩаҧгашьеи, ирҭбаау аизареи, уи амҩаҧгара аҭыҧи, аделегатцәа рааҧхьара апроцедуреи, егьырҭ иӡбатәу азҵаарақәеи.