Апатриархиа – Илиа Аҩбатәи иӡбарала, Апатриархиа аҟынтә аҧсабаратә рыцҳара амшала азарал зауз ауаа рахь идәықәырҵоит, афатәаалыҵи, амаҭәеи, ахәшәқәеи, ақәыршә ҧхақәеи
Мрагыларатә Қырҭтәыла иҟалаз асоура ҕәҕәа ҳтәылеи ҳуааҧсыреи алҵшәа цәгьақәа рзаанагеит. Рыцҳарас иҟалаз, иҭахазгьы иҟоуп. Атәыла аиҳабыреи, аиқәырхаратә маҵзуреи, ахалагәаҧхаҩцәеи, ирылшо ала, аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ иҟоу ауаа ирыцхраауеит, – иануп Қырҭтәыла Апатриархиа аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, Илиа Аҩбатәи иӡбарала, аҧсабаратә рыцҳара амшала азарал зауз ауаа Апатриархиа аҟынтә ирыздәықәырҵоит афатәаалыҵи, амаҭәеи, ахәшәқәеи, ақәыршә ҧхақәеи.
„Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи иӡбарала, Қырҭтәыла Апатриархиа аҟынтә азарала зауз ауааҧсыра ирыздәықәырҵоит афатәаалыҵи, амаҭәеи, ахәшәқәеи, ақәыршә ҧхақәеи. Аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ иҟоу ауаа Анцәа илҧха рыгымхааит, Қырҭтәыла Анцәа илҧха агымзааит.
P.S Агәыҳалалратә фонд „Аверс“ ацхырааразы ҳаҭабууп“, – иануп Қырҭтәыла Апатриархиа аҳәамҭаҿы.