Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа 8,0% аҩаӡараҟны имҧсахкәа иааннажьит
2025 шықәса ҧхынгәы 30 рзы имҩаҧгаз аилатәараҿы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политиказы акомитет алахәылацәа амонетатә политика азыҧҵәа 8,0% аҩаӡараҟны имҧсахкәа иаанрыжьит.
Ари атәы аарыцҳаит Амилаҭтә банк апрессмаҵзура аҟынтә.
«2025 шықәса рашәаратәи адыррақәа рыла, ахәқәа шьҭыҵит 4%-ла. Аинфлиациа хықәкылатәи 3 наӡынактәи арбага ҳалацәажәозар, ахәқәа рышьҭыҵра амшала аинфлиациа арбага шьҭыҵит.
Амилаҭтә банк абазатә сценари инақәыршәаны, 2025 шықәсазы аинфлиациа 3 назынак иреиҳазаауеит. Аха, аҿҳәарабжьара перспективаҿы 3 наӡынатәи арбагашҟа ихынҳәуеит.
Аекономикатә активра ҧасеиҧш идууп. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, сынтәа раҧхьатәи хәымз рзы 8,8% аекономикатә азҳара иҟан.
Аекономика уажәтәи аҭагылазаашьа анализи азҧхьагәаҭаратә сценариқәеи рышьаҭала, акомитет алахәылацәа, азыҧҵәа имҧсахуа, 8% аҩаӡараҟны иаанрыжьырц рыӡбеит. Наҟ-наҟ азыҧҵәа рыҧсахуеит амакроекономикатә азҧхьагәаҭарақәеи ашәарҭарақәа ранализи инрықәыршәаны.
Амонетатә политиказы акомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит 2025 шықәса цәыббра 10 рзы», – иануп Амилаҭтә банк аҳәамҭаҿы.