Қырҭтәыла Амилаҭтә банк 2025 шықәса ажьырныҳәа – рашәарамзазы 879.5 миллион адоллар аанахәит
Авалиутатә џьармыкьаҿ аҭагылазаашьа иашьашәаланы, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк жәларбжьаратәи арезервқәа рхарҭәаара нанагӡоит.
Рашәарамзазы Амилаҭтә банк, Bmatch аплатформаҿ имҩаҧнагаз аинтервенциақәа рыла, авалиуатә резервқәа ханарҭәааит 266.0 миллион адолларла, рашәарамзазы иҟоу аҭагылазаашьа ала, жәларбжьаратәи арезервқәа рҭаӡара 4.7 миллиард адоллар иаҟароуп.
Жәларбжьартәи авалиутатә резервқәа атәыла амакроекономикатә ҭышәынтәалара еиқәдыршәоит. Убри аҟынтә, Амилаҭтә банк, еснагь арезервқәа рхарҭәаара иазҿлымҳауп. Аџьармыкьаҿ уи еиҧш алшара аныҟоу, Амилаҭтә банк атәыла жәларбжьаратәи арезервқәа азнарҳауеит.
2025 шықәсазы Амилаҭтә банк имҩаҧнагеит абарҭ авалиутатә интервенциақәа: ажьырныҳәа-жәабран азы Bmatch аҿы аахәарақәа мҩаҧгамызт; хәажәкыра – Bmatch аплатформаҿы иаахәан 101.7 миллион адоллар; мшаҧы – Bmatch аплатформаҿы иаахәан 266.4 миллион адоллар; лаҵара – Bmatch аҿы иаахәан 245.4 миллион адоллар; рашәара – Bmatch аҿы иаахәан 266.0 миллион адоллар.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк авалиутатә џьармыкьаҿы имҩаҧнагаз аоперациақәа ирызку ирҿыцу аинформациа цәырнагоит 2025 шықәса нанҳәазы.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк.