Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа 8,0% аҩаӡараҟны имҧсахкәа иааннажьит
2025 шықәса абҵара 5 рзы имҩаҧгаз аилатәараҿы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк амонетатә политиказы акомитет алахәылацәа амонетатә политика азыҧҵәа 8,0% аҩаӡараҟны имҧсахкәа иаанрыжьит.
Ари атәы аарыцҳаит Амилаҭтә банк апрессмаҵзура аҟынтә.
«2025 шықәса жьҭааратәи адыррақәа рыла, ахәқәа шьҭыҵит 5.2 наӡынала. Абазатә инфлиациа ҳалацәажәозар, жьҭааразы иҟаз адыррақәа рыла аинфлиациа арбага 2.4 наӡына иаҟароуп.
Амилаҭтә банк абазатә сценари инақәыршәаны, 2025 шықәсазы аинфлиациа 4 назынак ираҟарахоит.
Аекономикатә активра ҧасеиҧш идууп. 2025 шықәса ажьырныҳәа -цәыббразы уаҩҧсык изы аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа азҳаит 7.7%-ла.
Аекономика уажәтәи аҭагылазаашьа анализи азҧхьагәаҭаратә сценариқәеи рышьаҭала, акомитет алахәылацәа, азыҧҵәа имҧсахуа, 8% аҩаӡараҟны иаанрыжьырц рыӡбеит. Наҟ-наҟ азыҧҵәа рыҧсахуеит амакроекономикатә азҧхьагәаҭарақәеи ашәарҭарақәа ранализи инрықәыршәаны.
Амонетатә политиказы акомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит 2025 шықәса ҧхынҷкәын 17 рзы», – иануп Амилаҭтә банк аҳәамҭаҿы.