2025 шықәса рашәарамзазы иҟоу аҭагылазаашьа ала, Қырҭтәыла авалиутатә резервқәа 103,3 млн адоллар ала иазҳан, 4,7 млрд адоллар иаҟарахеит
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, 2025 шықәса рашәармзазы иҟоу аҭагылазаашьа ала, Қырҭтәыла авалиутатә резервқәа 103,3 млн адоллар ала иазҳан, 4,7 млрд адоллар иаҟарахеит.
«Жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа атәыла амакроекономикатә ҭышәынтәалара ахьчаразы зҵакы дуу факторуп. Ҳазҭагыло аамҭазы, аџьармыкьатә кониунктура бзиа абзоурала, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахатә резервқәа рхарҭәаара нанагӡоит. Хәажәкыразы 101,7 млн адоллар аахәара цқьа мҩаҧган, мшаҧы азы — 266,4 млн, хәажәкыразы — 245,4 млн, зынӡа, ажьырныҳәа инаркны лаҵаранӡа, абанк аанахәит 613,5 млн. адоллар. Рашәарамзазы имҩаҧгаз аахәарақәа ирызку аинформациа цәыраагоит ҧхынгәы 25 рзы», — ирҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҿы.
Абанк адыррақәа рыла, 2025 шықәса рашәарамзазы иҟоу аҭагылазаашьа ала, жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа рзеиҧш аҭаӡараҿы ахьы ахәҭа 16,1% (754,4 млн адоллар) иаҟароуп.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аофициалтә жәларбжьаратәи резервқәа ирызку ирҿыцу аинформациа цәырнагоит 2025 шықәса нанҳәа 6 рзы.