Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада Қарҭ алхырҭақәа зегьы рыҧхьаӡара алҵшәақәа цәырнагеит
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада Қарҭ алхырҭақәа зегьы рыҧхьаӡара алҵшәақәа цәырнагеит

Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада аҿы ишаарыцҳаз ала, Қарҭ алхырҭақәа  зегьы рылҵшәақәа ҧхьаӡоуп.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Қарҭ ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» акандидати Қарҭ уажәтәи ахадеи Каха Калаӡе, иара  55, 603 наӡына абыжьқәа иоуит.

«Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә акандидат Ника Мелиа  44,397 наӡына иоуит.